|
|
УРЫСТӘЫЛА АРИНАХЫСГЬЫ АҦСНИ, АЛАДАТӘИ ОСЕТИЕИ, АЏЬАРИЕИ АЦХЫРААРА
РНАҬАЛОИТ |
Урыстәылатәи Афедерациа апремиер-министр Касианов
ишиҳәаз ала, Урыстәыла аринахысгьы Аҧсни, Аладатәи Осетиеи, Аџьариеи
рыуаажәлар ацхыраара рнаҭалоит. "Еиҳарак ари иаҵанакуеит атранспорттә
еимадареи, агази, аелектроенергиеи рыла ацхыраара,-" иҳәеит уи.
Иагьаҵишьит, арҭ арегионқәа рҿы Урыстәыла иатәу
ауаа рацәаны ишынхо, насгьы Урыстәылеи дареи
традициала ишеидҳәалоу, урҭ
атрадициақәа шырҕәҕәатәу.
"Уажәазы Аҧсны еи-ҳарак излацхраатәу арыц ала ауп,
уи анашьҭра ҳалшап ҳәа сгу иаанагоит,"- иҳ әеит Урыстәыла
апремиер-министр.
30.11.2003 ИНТЕРФАКС
|
Қырҭтәыла
асепаратистцәа рыҿцәажәара ҕәҕәала иақәыӡбеит |
Аҧсны, Аладатәи Осетиа,
Аџьариа
рхадақәа злаху аконсультациақәа иаартны
Москва имҩаҧысуеижьҭеи мышқәак ҵуеит. Раҧхьа урҭ иҧылеит
апремиер-министр Михаил Касианов, нас - аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистр
Игор Иванов.
"Коммерсант" иаанацҳауа
аинформациа излаҳәо ала, ҿыц
иааизаз
аоппозициа – ақырҭуа националистцәа-рган
ахь
ала амчра ахархәара
ҟалар
ҳәа
агәҭынчымра
аазырҧшуа автономиақәа - Аҧсны, Аладатәи Осетиа,
Аџьариа
- Урыстәыла ирнаҭар ҟалоит „аамҭалатәи
апротекторат“.
Излеилкаахаз ала, Урыстәыла апротекторат знаҭо
Аҧсны, Аладатәи Осетиа,
Аџьариа
ирықәынхо ажәлар мацара ракумкәа, изқәынхо атерриториақәагьы роакәхоит.
Ареспубликақәа рхадақәа ари еиҧш иҟоу ацхыраара - ахылаҧшра-
рыдыркылеит.
Урыстәыла ари авариант
Қырҭтәыла
анапаҿы
аагаразы ахы ианархәар ҟалоит, алхрақәа
рлыҵшәа, ма амчра ҿыц имҩаҧнаго аполитика иара аинтересқәа ирықәымшәо
иҟалар.
29.11.2003 top.rbc.ru
|
РОГОЗИН
Д.О.
„Известиа“
аҧхьаҩцәа ириҭаз аинтервиу |
Роин
Агрба: -Аҧсни
Қырҭтәылеи
реизыҟазаашьақәа
ҧҵәан Қырҭтәыла
апарламент
1991 ш.
азы
1918
ш. азтәи
Aконституциа анаднакыла ашьҭахь. Уи ала
Қырҭтәыла
Аҧсны атерриториа ацәыӡит, избан акәзар, уи
Қырҭтәылатәи
Адемократиатә Республика иаламызт, излаз
Қырҭтәылатәи
Асоциалисттә Республика акун. Аха адунеи ауаажәларра
Аҧсны Қырҭтәыла
иахәҭакны ишыҟаз иаднакылеит.
Убри азын Аҧсны жәларбжьаратәи аусӡбарҭатә
инстанциақәа рахь апеллиациа ҟанаҵар
азин амоума, шансқәас иамоузеи?
-Сара уи еиҧш иҟоу
иахьатәи аҭоурых аҿы хҭыск
сгәалашәом, аҳәынҭқарра хәҭак
жәларбжьаратәи аусӡбарҭатә инстанциақәа рахь ахы
арханы ахьыҧшымра аиоуит ҳәа.
Есқьынагьы ишыҟало
уахәаҧшуазар, ахьыҧшымра иазықәҧаны ироуеит, ахақәиҭра
шьақәдырҕәҕәоит.
Аҧсны аҳәынҭқарратә
статус азҵаара аиҿцәажәарақәеи жәларбжьаратәи агарантиақәеи рыла
иӡбатәуп.
28.11.2003 РИА "Новости"
|
Имҩаҧысуеит
Қырҭтәылатәи
автономиақәа рхадақәa рҧылара |
Ишеилкаахаз ала,
Москва имҩаҧысуеит
Қырҭтәылатәи
автономиақәа рхадақәа
рҧылара.
Москва, Адәныҟатәи
Аусқәа Рминистрра ахыбраҿы имҩаҧысуеит
Аџьариеи,
Аладатәи Осетиеи, Аҧсни рнапхгацәеи Урыстәыла адәнытәи аусқәа рминистр
Игор Иванови реиҧылара.
Уи азкуп
Қырҭтәыла
иҟоу аҭагылазаашьа. Уаанӡа Аладатәи Осетиеи Аҧсни рнапхгацәа ирҳәахьан,
рреспубликақәа Урыстәылатәи Афедерациа алаҵара шаку хықәкыс ирымоу.
Ареспублика
Аҧсны
Москватәи ахаҭарнакраҿы ишырҳәаз ала, уи анапхгара макьана Москва имаац.
Урҭ рхы аладырхәуеит абҵара 26 рзы имҩаҧысуа Аҧсны Аконституциа Амш
иадҳәалоу аныҳәатә усмҩамгатәқәа.
Уи аамҭазы
Едуард
Шьеварднаӡе Еиду Америкатәи Аштатқәа ирхареитәуеит иара дахызхыз
аоппозициа ацхыраара аҭара.
28.11.2003
Радио "Маяк"
|
Константин Затулин
анализ азиуеит
Қырҭтәыла
иҿоу
аҭагылазаашьа. |
МОСКВА, "Урыстәыла уажәы
Қырҭтәылахь
иаанарҧшыроуп агәаҽанызаареи анеитралитети," - иҳәеит Ихьыҧшым
Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа Ринститут адиректор Константин
Затулин. Уи иазгәеиҭеит иара убас: "Ҳара
агарантиа заҳҭаша
Қырҭтәыла
зегь акәӡам, уа иҟоу, ахаан ҳзымҭиц ҳҩызцәа роуп".
Затулин идеилиркааит дызлацәажәо
Аџьариеи,
Аладатәи Осетиеи, Аҧсни шраку.
Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа
Реиҩызара иалоу атәылақәа Ринститут адиректор игәаанагара ала, "Қырҭтәыла
иааиз амч ҿыц арҭ арегионқәа анапаҿы раагаразы амч ахы архәара
иалагозар, Урыстәыла уи ҕәҕәала иаҿагылароуп.
Ҳара
иахьа Аҧсны иҳамоуп 2000-ҩык аҭынчра зыхьчо аруаа, урҭ рыҧсҭазаарақәа
ашәарҭа рҭаргылара Урыстәыла зақәшаҳаҭхом. Аҭынчра зыхьчо аруаа Аҧсны
ралгара ҟалашьа амам, избанзар уи иаразнак аконфликт арҿыцыр ҟалоит."
Михаил Саакашьвили
иааира азын Затулин иҳәеит: "Саакашьвили иааира узеигурҕьаша акы акум...
Қырҭтәыла
аполитикатә кризис шьаҭас иамоу ақырҭуа ҳәынҭқарра ашьақәгылашьа
ауп,...уи аелектроенергиеи аӡырши рзымхара еиҧшу цәырҵроуп,"- иҳәеит
урыстәылатәи аеқсперт.
Затулин иаҵишьит иара убас: "Едуард
Шьеварднаӡе иакун 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы (иара иалхра изаазгаз
аҳәынҭқарратә еилалара ашьҭахь) Аҧсны "аиааира аазго аибашьра хуҷы"
амҩаҧгара ада еиҕьу акы ззымҧшааз. Уи
Қырҭтәыла
"ахыбгалара-бжа" ахь икылнагеит, иара убри аҭагылазаашьаҿы ари атәыла
есқьынагьы иаанхеит".
27.11.2003
РИА "Новости"
|
Аҧсуа-ақырҭуа конфликт
аҭышәныртәалараҿы ҧхьаҟа шьаҿақәак ҟаҵоуп |
Ниу-Иорк - Аҧсуа-ақырҭуа конфликт атышәныртәалараҿы
"ҧхьаҟацаразы
шьаҿақәак
ҟаҵоуп"
аха акыр аамҭа
зцазқәа астабилра азы Аҧсны ҧхьаҟатәи
астатус азҵаара
Қырҭҭәыла иаланы аӡбара
аҭахуп.
Ари аҩыза
алкаа ҟалцеит
ахаша Ниу-Иорк ажурналисҭцәа
ирылҭоз
аинҭервиу
аҿы
ООН Агенералтә Маӡаныҟәгаҩ Испециалтә
Хаҭарнак Ҳаиди Талиавини.
Аҵыхәтәантәи
амзқәа рызтәи ихадароу қәҿиараны
уи илҧхьаӡоит
ҧхынгәы азы имҩаҧысыз
Қарҭи,
Аҟәеи,
иара убас "Қырҭҭәылазы Агенералтә
Маӡаныҟәгаҩ Иҩызцәа
Ргуҧи" (Урыстәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Британиа Ду, Франциа,
Германиа злоу) Женеватәи реиҧылара. Ҳаиди Талиавини ишаҵылшьыз
еиҧш,
аиҧылараҿы
аекономикеи, аполитикеи, ашәарҭадареи,
ахҵәацәа
рырхынҳәреи
рызҵаарақәа
рҿы
иконкретәу ашьаҿақәа
рыҟаҵаразы
астратегиа алхра аус азун.
"Ҷыдала аҵак ду аманы уи иазылыҧхьаӡеит аҧсуааи
ақырҭқәеи еиланы аминисҭррақәа рыҩаӡараҿы иҟоу аделегациа Босниеи
Ҳерцеговинеи рцара. "Аҩ-ганкгьы мчыбжьык аҩныҵҟа рылала ирбеит аконфликт
ашьҭахьтәи аситуациаҿы жәларбжьаратәи аидгыла ацхыраарала зылыршара
ауа",-лхәеит уи. Аделегациа иалаз рҧылеит анапхгара, иара убас зыҩныҟа
ихынҳәуа ахҵәацәа. Урҭ ыҟан жәларбжьаратәи астандартқәа рыла
иахьазыҟарҵо аполициатә академиаҿы. "Аҩ-ганкгьы рзын ари авизит
ҿыц-аартыраны иҟалеит,"-иазгәалҭеит ООН Агенералтә Маӡаныҟәгаҩ
Испециалтә Хаҭарнак.
13.11.2003 РИА "Новости"
|
Буш Аҧсны апроблема аицыӡбаразы
ацхыраара ҟаиҵарц ажәа риҭоит. |
"Абҵара 2 рзын иҟаларц иҟоу Қырҭтәыла
апарламент ахь алхрақәа аҵак ду рымоуп адемократиатә процессқәа
Қырҭтәыла рырҕәҕәаразын,
уи асуверенитети, ахьыҧшымреи, атерриториалтә акзаареи рышьақурҕәҕәара
иазку ҳусеицура азын",- ҳәоуп
иахьа ирыларҵәахаз Америкатәи апрезидент Џьорџь
Буш Қырҭтәыла апрезидент Едуард Шьеварднаӡе
иахь ииҩыз ашәҟәаҿы.
"Ҳара агәра аагоит, арт
алхрақәа зхы иақәиҭу, аиашареи аҭынчреи ахьыҟоу аҭагылазаашьаҿы
ишымҩаҧгахо. Хыҧхьаӡара
рацәала Қырҭтәыла аҩызцәа иеигурҕьаны
ирыдыркылоит Қырҭтәыла аиҳабыреи
иоппозициатәу аполитикатә партиақәеи уаaнӡатәи
Еиду Америкатәи Аштатқәа рҳәынтқарратә маӡаныҟәгаҩ
Џьеимс Беикери дареи реиҧылараан ишьҭырхыз
ахыдҵақәа", - иазгәаҭоуп ашәҟәаҿы.
Иазгәаҭоуп убасгьы, арҭ апринципқәа реиламгара дарбанзаалакгьы
акандидат, аҳәынҭқарратә усзуҩы, иара убас алхҩы
изын аҵак ду шрымоу. "Ари иаанагоит, алхратә процедурақәа ишахәҭаҵәҟьоу
имҩаҧгатәуп, абжьыҭирагьы ахы иақәиҭны, ииашаны иҟалароуп хәа". Иара
убасгьы иазгәаҭоуп: "Амч ахархәара ҟамлароуп, избанзар, аҵыхәтәантәи
аамҭа азтәи ахҭысқәа ишаҳдырбаз еиҧш,
Қырҭтәыла иҟоуп амч политикатә бџьарҵас
зхы иазырхәарц зҭаху".
Америкатәи апрезидент инаҵшьны иазгәеиҭоит: "Еиду
Америкатәи Аштатқәа Қырҭтәыла Панкиситәи
антитеррортә операциа аан ақәҿиара
аманы иацмҩаҧызгаз, иара убас Аҧснытәии егьырҭ арегион апроблемақәа рыӡбаразы,
аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақургыларазы аус рыцауртә иҟоу, иҕәҕәоу
партниорны ирымазар рҭахуп. Ҳара
ҳақәгәыҕуеит,
шәареи ақырҭуа жәлари апарламенттә алхрақәа жәларбжьаратәи астандартқәа
шәрықәныҟәаны имҩаҧганы, арҭ апартниортә еизыҟазаашьақәа реиқәырхара
шәылшап ҳәа,"- иҩуеит Америка апрезидент
Қырҭтәыла апрезидент иахь.
01.11.2003 ИА REGNUM
|
|