AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------


 

 УРЫСТӘЫЛЕИ ҚЫPҬТӘЫЛЕИ РҲӘААХЬЧАРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РУСЕИЦУРАЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА РНАПЫ АҴАРЫҨУЕИТ

 

- иҳәеит Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Георги Барамиӡе Москва имҩаҧысуаз апресс-конференциаҿы.

 

"Ари адокумент ацхраауеит Урыстәылеи Қырҭтәылеи рҳәаа аконтроль азуразы итранспаренттәу апроцесс ашьақәыргылара",- иҳәеит Барамиӡе.

 

 Аминистр ишазгәеиҭаз ала, уи диҧылахьеит ФСБ адиректор Николаи Патрушев, сааҭқәак рышьҭахь диҧылараны дыҟоуп уи ихаҭыҧуаҩ, Афедералтә ҳәаахьчаратә маҵзура анапхгаҩы  Владимир Проничев.

 

 Барамиӡе игәаанагарала, асепаратизми, анаркотрафики, еиҿкаау азакәанеилагареи еицырҿагылатәуп.

 

"Қырҭтәыла хықәкыс иамоуп атәыла акзаара аиҭашьақәыргылара. Проблемас иамоуп Аҧсни, Аладатәи Осетиеи, иара убас Аџьариа имҩаҧысуа ахҭысқәеи. Қырҭтәыла азҿлымҳауп Чечентәылатәи апроцессқәа, аҳәаахьчара азҵаара инадҳәаланы",- иазгәеиҭеит уи.

 

07.04.2004  РИА "Новости"

 

 ЖЕНЕВА ИМҨАҦЫСРАНЫ ИҞОУП АҦСНЫ  ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АШӘАРҬАДАРАЗЫ АГАРАНТИАҚӘА ИРЫЗКУ АҚЫPҬУА -АҦСУА ЕИҦЫЛАРАҚӘА

 

ҚАРҬ -  Астратегиатә ҭҵаарақәа Женеватәи Ринститут аҿы мшаҧымза  21-23 рзы имҩаҧысраны иҟоуп  жәларбжьаратәи ашәарҭадара агарантиақәа Аҧсны атерриториаҿы рперспективазы ақырҭуа-аҧсуа еиҧыларақәа, аанацҳаит РИА "Новости" Қарҭтәи ахаҭарнакра.

 

 Қырҭтәылатәи аделегациа далахәхоит Қырҭтәыла аконфликтқәа рҭышәныртәаларазы аҳәынҭқарратә министр Георги Хаиндрава. Аҧсуа делегациа иалахәхо макьана еилкаам.

 

Ари аиҧылара мҩаҧысуеит ООН аинициативала; уи иалахәуеит арратә зҵаарақәа рзы жәларбжьаратәи аекспертцәа.

 

"Аиҧылара иалаху ирыхәаҧшуеит  ООН анапынҵала астратегиатә ҭҵаарақәа Швеицариатәи Ринститути Урыстәылатәи Афедерациа астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентри иеиқәдыршәаз жәларбжьаратәи ашәарҭадаразы агарантиақәа рпроектқәа",  - рҳәеит  РИА "Новости" Қарҭтәи ахаҭарнакраҿы.

 

06.04.2004  РИА "Новости"

 

 АҦСНЫ АПРЕМИЕР-МИНИСТР РАУЛЬ ҲАЏЬЫМБА МОСКВАҞА ИЦАРА

 

МОСКВА - РИА "Новости" ишаанацҳауа ала, Аҧсны апремиер-министр Рауль Ҳаџьымба ашәахьа ахулҧазы Москва днеираны дыҟоуп; уи ҩымш-хымш Москва дыҟазаауеит.

 

Аминистррақәеи аусҳәарҭақәеи рхаҭарнакцәа рҧылара аграфик аҧсахра азун.

Аҧсны ахаҭарнакраҿы ишырҳәаз ала, Рауль Ҳаџьымба иусуратә график аҩашаҽны еилкаахоит.

 

05.04.2004  РИА "Новости"

 

 УРЫСТӘЫЛЕИ ҚЫPҬТӘЫЛЕИ АДӘНЫҞАТӘИ РУСҚӘА РМИНИСТРРАҚӘА РХАҬАРНАКЦӘА  АИҚӘШАҲАҬРА АЗЫРХИАРАЗЫ  АИҾЦӘАЖӘАРАҚӘА  РЫРҾЫЦРА ИАЛАЦӘАЖӘОИТ

 

МОСКВА - Ашәахьаҽны Урыстәыла аҳҭны-қалақь аҿы иалагеит Урыстәылеи Қырҭтәылеи Адәныҟатәи Русқәа Рминистррақәа рхаҭарнакцәа русуратә еиҧыларақәа рымҩаҧысра. Урҭ рҟны иахәаҧшуеит Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра абжьаҵара иазку аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара алагара азҵаара.

 

РИА "Новости" акорреспондент иҿцәажәаҩ ишиҳәаз ала, "аганқәа иара убас ирылацәажәарц ргу иҭоуп Аҧсны Гал араион ахь ахҵәацәа рырхынҳәра, иара убас аҩ-ганк арратә зҵаарақәа рзы реиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара аиҭарҿыцра рызҵаарақәа".

 

05.04.2004  РИА "Новости"