AҦCУAA  PЫБЖbbI

-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------



 
 Аҧсныҟа Адыгеиантә и ҧсшьара ицеит ахуҷқәа

 

Рашәара-мза 23 рзы Маиҟәаҧтәи ахуҷқәа иаҧсшьаразы Аҧсныҟа ицеит. Арҭ реҧш иҟоу ахуҷқәа реиҭанеиааирақәа атәы зҳәо аицәажәара рыбжьар"еит Адыгеиа аҳҭны-қалақь ахада Николаи Пивоварови Аҧсны Гудауҭа араион ахадеи.

 

Аҧсшьаразы ахуҷқәа ирымоуп ҩымчыбжьа, урҭ ари аамҭазы иҟазаауеит аҧсшьарҭатә  база "Черноморец" аҿы.

 

24.06.2004  ИА REGNUM

 

Москватә и Аҧсны ахаҭарнак агәра диргоит Аҧсны акурортқәа рҿы аҧсшьара шшәарҭам

 

МОСКВА Аҧсны аҧхынтәи аҧсшьара шәарҭам, агәра диргоит  Москва иҟоу Аҧсны ахаҭарнак Игор Ахба РИА "Новости" иаиҭаз аинтервиу аҿы.

 

"Аҧсны аҭагылазаашьа ҭынчуп, иҭышә ынтә алоуп, Зыҧсы зшьар зҭаху ирылшоит уа ицаны ҧырхага рмоукәа рыҧсы ршьар", -иҳәеит иара.

 

"Ҵыҧх Аҧсны аҧсшьацәа рхыҧхьаӡара  300 нызқЬ-ҩык ирхысит. Уажә ы ҳара иҳамоуп СНГ-и Урыстә ылеи рахьтә  аҧсшьацә а рацә аҩны".

 

Ақырҭуа ган Аҧсны акриминогентә  ситуациа иадҳә аланы аҧсшьара шшә арҭоу атә ы зҳә о рҳә амҭақә а акомментари рызуа, уи иазгә еиҭеит ари аҩыза аҳә амҭақә а сезон-цыҧхьаӡа ралагамҭазы иуаҳауеит.

 

"Урҭ хықә кыс ирымоуп акурорттә  сезон аиҧҟьара,"-иҳә еит Игор Ахба.

 

"Ари аҩыза ақырҭуа ган аусқә еи аҳә амҭақә еи Аҧсни қырҭтә ылеи рыбжьара аконструктивтә  диалог амҩаҧгара иацхрааӡом",- иаҴишьит иара.

 

17.06.2004  РИА "Новости"

 

 "Siemens" Аҧсны Ингур-ГЕС ахҧатә и агидроагрегат арҿыцуеит

 

Германиатә и афирма "Siemens" Аҧсны  агидроелектростанциа Ингур-ГЕС ахҧатә и агидроагрегат арҿыцра мҩаҧнагоит.

 

ИА REGNUM ишеилнакааз ала, уажәы имҩаҧыргоит актәи агидроагрегат аремонт.

 

Уи адагьы, Аҳә ынҭқарратә  компаниа "Черноморенерго" агенералтә  директор Сергеи Багаҧшь иҳә амҭала, астанциа "Аҽгәара"  аремонт азура хыркә шоуп, астанциа "Аӡҩыбжьа" арҿыцра иаҿуп. 

 

Аспециалистцә а ргә аанагаорала, ари "Кындыҕтәи ачаифабрика, апансионат "Евкалиптоваиа роша", иара убас урҭ ирыду Очамчыра араион ақыҭыaқәа афымца рыҭара ахаҭабзиара еиҕьнатәуеит".

 

17.05.2004 ИА REGNUM

 

 Ҭырқәтәыла ақырҭуа-аҧсуа конфликт аҭышәныртәаларазы аицәажәаратә  процесс активла алахәра иазхиоуп

 

Иахьа Аҧсны даауеит қырҭттәыла иҟоу Ҭырқәтәыла аконсул Диџьле Қоҧуз.  ИА REGNUM аҟәатәи акорреспондент ишааицҳауа ала, Қоҧуз хықәкыс илымоуп ареспублика анапхгареи Ҭырқәтәылантәи арепатриантцәеи рҧылара.

 

Ааигәa  қарҭ имҩаҧысыз қырҭтәыла аҳәынҭқарратә  министр Гиорги Хаиндравеи Диџьле Қоҧузи реиҧылараан уи илҳәеит Ҭырқәтәыла ақырҭуа-аҧсуа конфликт аҭышәныртәаларазы аицәажәаратә  процесс активла алахәра ишазхиоу.

 

16.06.2004  ИА REGNUM

 

Аҧсны иааит Урыстә ылатә и Афедерациа Адума адепупатцәа

 

Дмитри Рогозин еиҳабыс дызмоу Урыстәылатәи Афедерациа Адума аделегациа Аҧсны иааит. Иахьа адепутатцәа Аҧсны анапхгареи дареи еиҧылеит.

 

"Иахьа документ заҵәыкгьы ыҟам, қырҭтәылеи Аҧсни ҳәынҭқаррак ауп ҳәа зҳәо. Қырҭтәылеи Аҧсни - ихьыҧшым ҳәынҭқаррақәоуп. Қырҭтәыла злоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа иарбанзаалакгьы Аҧсны инагӡатәны иамаӡам",- иҳәеит авице-президент Валери Аршба, иагьациҵеит, Аҧсны иқәынхо ажәлар Урыстәыла рхьыҧшымреи ршәарҭадареи иргарантны ишырбо.

 

Валери Аршба Рогозин иахь аҳә ара ҟаиҴеит, Урыстә ыла Адумаҿы Аҧсны апрезиденти апарламенти рааҧхьара иахә аҧшразы, ассоциациатә  еизыҟазаашьақә а рышьақә ыргыларазы ажә алагала ҟаиҵарц.

 

Дмитри Рогозин иакә зар, иазгә еиҭеит, афракциа "Родина" Аҧсны ахьыҧшымра адкыларазы, лыҵшә а бзиа змам аекономикатә  санкциақә а раҟә ыхразы ишықә гыло. "Адҵа хада - ари атәыла ссир аҿы ашәарҭадара аҟаҵароуп, Урыстәылатә и апаспортқәа Аҧсны иқәынхо рыҭара азҵаара - ари агәҭак қьиа иазҵаараӡам, ари СССР азинтә  ҭыҧ аанызкылаз Урыстәыла иауалуп".

 

14.07.2004  ИА REGNUM

 

 Аҧсны иааит Нхыҵ Кавказтәи аҿар ргәыҧ

 

Аҧсны иааит Ҟабардино-Балҟариатәи Ареспублика, Адыгеиа, Ҟарачы-Черкессиа рҿар ргәыҧ.

 

Нхыҵ-Кавказтәи асасцәа идикылеит ареспублика авице-президент Валери Аршба. Уи ирзеиҭеиҳәеит ареспублика аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аҭагылазаашьа зеиҧшроу. Излазгәеиҭаз ала, қырҭтәыла анапхгара ҿыц амчрахь рааира ашьҭахь Аҧсны ашәарҭа ҿыц иҭагылт.

 

Аршба иаҵишьит, "Аҧсны аконфликт аҭынч-мҩала аҭышәныртәалара мацара ишашьҭоу, аха, уаҳа ҧсыхәа аныҟамла, излаҳалшо ала ҳаҧсадгьыл ҳахьчоит",- иҳәеит авице-президент.

 

Ҟабардино-Балҟариеи, Адыгеиеи и Ҟарачы-Черкессиеи руаажәларратә  организациақәа жәпакы қырҭтәыла апрезидент Михаил Саакашьвили иахь ааҧхьара ҟарҵеит "иаҳхысыз аамҭа агхақәа еиҭаҟаимҵарц азы, ақырҭуа-аҧсуа конфликт аҭышәныртәаларазы амч ахархәара ҟамларц азы".

 

Нхыҵ-Кавказ ауаажәларратә  организациақәа апрезидент Михаил Саакашьвили игәаладыршәоит Аҧсны аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны уи ажәлар ринтересқәа шырыхьчоз, ирывагылан ишеибашьуаз Нхыҵ-Кавказ, Аладатәи Урыстәыла аҿацәқәа рахьтә  зықьҩыла зхатә  гәаҧхарала иааз. Агрессиа ҿыц аныҟала, урҭ рашьцә а ишрывагыло, рыҧсадгьыл шрыцрыхьчо. Аҧсни, Аладатәи Осетиеи, Ашьхатә Карабахи рҿы аибашьратә конфликтқәа рҟнынӡа иназгаз арҭ ареспубликақәа рнапхгара рполитикатә  гхақәа роуп",-ҳәоуп ааҧхьараҿы.

 

10.06.2004 ИА REGNUM

 

 Аҧсны  ихәрақәа ирыхҟаны иҧсҭазаара далҵит аидгыла "Амцахара" аҧхьагылацәа руаӡәк

 

Аҟәатәи аклиникатә хәышәтәырҭаҿы ихәрақәа ирыхҟаны иҧсҭазаара далҵит Аҧсны афырхаҵа, аџьынџьтәылатәи аибашьра аветеранцәа реидгыла "Амцахара" аполитсовет иалаз руаӡәк  Гарри Аиба. Аҳақьымцәа уи иҧсҭазаара аиқәырхара рылымшаӡеит.

 

Уи аҧхьа, Гарри Аиба иҧҳаи иареи иавтомашьына иақәтәаны ишцоз, иеихсит.

 

Гарри Аиба ишьра иахҟьаны ареспублика анпхгара ааҧхьара ҟанаҵеит ауаажәлари, ауаажәларратә -политикатә  организациақәеи, аинтеллигенциа ахаҭарнакцәеи рахь, ирылшо зегь ҟарҵарц атәыла аҩныҵҟа аҭагылазаашьа аиламгаразы.

 

Ареспублика ахада Владислав Арӡынба, авице-президент Валери Аршба, апарламент аспикер Нугзар Ашәба,  апремиер-министр Рауль Ҳаџьымба гәалсрала ирыдашшылеит Гарри Аиба иҭаацәеи иҭынхацәеи.

 

10.06.2004 ИА REGNUM

 

 Аҧсны ауаажәларратә  организациақәа ҿыцны арегистрациа рзухоит

 

Ауаажәларратә еидгылақәа зегьы, аполитикатә  партиақәа рыда, ррегистрациа аамҭа арбанзаалакгьы, ҿыц аиустициа аминистрраҿы 2004 ш. Hанҳәа 1-нӡа  арегистрациа иахысроуп. Ари анапынҵа инапы аҵаиҩит Аҧсны ахада Владислав Арӡынба.

 

Иҟаиҵаз анапынҵаҿы ишазгәаҭоу ала, ҿыцны арегистрациа аҟаҵара хықәкыс иамоуп Ареспублика Аҧсны иҟоу ауаажәларратә  еидгылақәа зегьы ашәҟәы ранҵара.

 

Иахьазын ареспублика аиустициа аминистрраҿы аргистрациа рызуп хышә инареиҳаны еиуеиҧшым ауаажәларратә  еидгылақәа.

 

04.06.2004 ИА REGNUM