СНГ аҭынчра аиламгаразы аколлективтә мчқәа рпресс-гуҧ
анапхгаҩы акапитан Владимир Аникин излеиҳәаз ала, Урыстәылатәи
аҭынчрахьчаратә мчқәа рротациа хыркәшоуп.
Ақалақь Маикоп 526-тәи амото-хысратә баталион
иаднакылеит аҭынчрахьчаратә миссиа анагӡаразы иаҭаху арратә техника
зегьы, иара убас материалтә хархәагақәа. Уи аҿаҧхьа иқәгылоу аҭынчра
аиламгаразы аоперациа иадҳәалоу адҵақәа рынагӡара нап анаркит.
Акапитан Владимир Аникин иажәақәа рыла, 526-тәи
амото-хысратә баталион иаҧсахуа 529-тәи абриагада аасҭа хыҧхьаӡарала
еиҳам.
05.06.2006
Аҧсныпресс
|