AҦCУAA  PЫБЖbbI
-------------------- Aҧcнынтәи әабжь ҿыцқәа--------------------


 
 Аҟәа еиҿкаауп ауаажәларратә-политикатә еидгыла ҿыц «Аҧсны Аҿа»

 

Иахьа Аҟәа имҩаҧысит ауаажәларратә-политикатә еидгыла ҿыц «Аҧсны Аҿа» раҧхьатәи Ареспубликатәи аиҿкааратә конференциа. Аконференциа иалахәын   Ареспублика ақалақьқәеи ақыҭақәеи зегьы рҟынтә 185-ҩык аделегатцәа.

 

Апрезидент иадминистрациа аиҳабы Валери Аршба аҳәынҭқарра Ахада ихьӡ ала аделегатцәа дрыдныҳәалеит. Аидгыла ҿыц аиҿкаара гәахәарыла ирыдыркылеит апрламент адепутатцәа, анапхгара, иара убас ауаажәларратә организациақәа рхаҭарнакцәа.

 

Ареспубликатә уаажәларратә-политикатә еидгыла ҿыц «Аҧсны Аҿа» хантәаҩыс далхуп қьаазым Агәмаа.

 

"Шәара - раҧхьатәи аибашьрашьҭахьтәи , зхы иақәиҭу, ихьыҧшым Аҧсны абиҧара шәоуп. Шәара шәнапаҿы иҟоуп Аҧсны алахьынҵа", - иҳәеит ауаажәларратә-политикатә еидгыла "Амцахара" аицахантәаҩы Витали Тарнаа.

 

Аделегатцәа ишьҭырхит аҿар рполитика, адемографиа, аҵара аиоура, адемократиа аизҳара, абызшәа аҿиара уҳәа азҵаарақәа рацәаны.

 

24.02.2006  Аҧсныпресс

 

 Адунеизегьтәи Аҧсуа-Абаза Жәлар р-Ассоциациа ааҧхьара ҟанаҵоит "ақырҭуа терроризм аанкыларазы"

 

Адунеизегьтәи Аҧсуа-Абаза (Абаза) Жәлар р-Ассоциациа (МАААН) "ажәларқәа, апарламентқәа, атәылақәа рнапхгаҩцәа зегь рахь ааҧхьара ҟанаҵоит рымчқәа зегь еизакны  Аҧсны мацара акәымкәа, Америка, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла, иара убас егьырҭ атәылақәа рацәаны агәаҟра дуқәка рзаазгар зылшо ақырҭуа терроризм ааныркыларц азы".

 

"МАААН еиднакылоит 19-тәи ашәышықәсазы аурыс-ҭырқәа еибашьра иахҟьаны зтәыла иахцахаз аҧсуааи абазақәеи рхылҵшьҭрақәа. ҳахьыҟазаалакгьы, ҳара ахаан ҳ-Аҧсадгьыл, уи апроблемақәа  ҳарцәыӡны ҳаҟамызт. Иахьа хьаа дуны иҳамоуп Қырҭтәыла аган ахь ала иҳаҳауа аҳәамҭақәа, урҭ Аҧсны зҭадыргыло аситуациа хьанҭа ҳгәы ҭынчны ҳааннажьуам. Аҧсуа жәлар даҽазнык агеноцид аҿаҧхьа игылар ҟалоит, Қырҭтәыла еибашьралатәи амҩала Аҧсны апроблема аӡбара агәы иҭоу адунеи зегь ауаажәларра аӡәк иеиҧш иаҿамгылар.

 

52 тәыла рҿы инхо аҧсуааи абазақәеи рыхьӡ ала иаҳҳәоит, аибашьра аныҟала, ҳ-Аҧсадгьыл ацхыраара аҭаразы ҳнеира иаҧырхагахо мчы шыҟамло. Қырҭтәыла анапхгара даара ибзианы иазхәыцроуп, зы-ҧсадгьыл азы зыҧсҭазаара иамеигӡо ауаажәлар рабашьра иалагарц иақәыркаанӡа", - ҳәоуп МАААН ашәҟәаҿы.

 

Аҳәамҭа рнапы аҵарҩит Ассоциациа авице-президент Џьемалеҭдин Ҩымиҭ (Арӡынба), анагӡком алахәцәа Бедис ҭанҭекин (Кәарацхелиа-ҧҳа), Ильҳан Кыимеҭ( Кәаӡба)(ҭырқәтәыла).

 

17.02.2006  Аҧсныпресс

 

 Аҟәа имҩаҧысит ауаажәларратә организациақәа, ауаажәларратә-политикатә, амилаҭтә еидгылақәа, апартиақәа, еиуеиҧшым аконфессиақәа рхаҭарнакцәа Аҧсны анапхгареи дареи реиҧылара

 

Аҟәа - Аҟәа имҩаҧысит ауаажәларратә организациақәа, ауаажәларратә-политикатә, амилаҭтә еидгылақәа, апартиақәа, иара убас еиуеиҧшым аконфессиақәа рхаҭарнакцәа Аҧсны анапхгареи дареи реиҧылара.

 

Аиҧылара иалахәын Ареспублика Аҧсны Апрезидент С.В. Багаҧшь, авице-президент Р.Д. Ҳаџьымба, Жәлар Реизара Aспикер Н.Н. Ашәба, апремиер-министр А.З. Анқәаб.

 

Аиҧылараҿы иалацәажәеит Аҧсни Аладатәи Осетиеи рҳәаанҭыҵтәи аҭагылазаашьа, Қырҭтәыла иҟанаҵо аибашьратә конфликт арҿыцра иадҳәалоу аҳәамҭақәа инарыдҳәаланы.

 

"Иахьатәи аиҧылара аҧшьгара атәыла ауаажәларратә организациақәа жәпакы ирыбзоуроуп. Урҭ ирыдгылеит апартиақәа, ауаажәларратә-политикатә еидгылақәа зегьы.Ари иаҳнарбоит ауаажәларра иалахәу зегьы, рмилаҭ, излоу апартиа, ихарҵо адин закәызаалакгьы ажәлар рыхьӡ ала иалху акурс ишақәшаҳаҭу, атәыла анапхгара рыгәра шырго, адунеи ауаажәларра рыдгылареи реилкаареи ишақәгәыҕ уа", - иҳәеит Апрезидент.

 

Аиҧылараҿы Аҧсны анапхгареи ауаажәларратәи ауаажәларратә-политикатәи еидгылақәеи ирыдыркылеит еицыҟарҵаз Аҳәамҭа.

 

16.02.2006 Аҧсныпресс

 

 Сергей Багаҧшь Жәлар Реизара иаирдырит есы-шықәсатәи Апрезидент инаишьҭуа ашәҟәы

 

Аҟәа - Сергей Багаҧшь Жәлар Реизара иаирдырит есы-шықәсатәи Апрезидент инаишьҭуа ашәҟәы.

 

Аҳәамҭа-шәҟәы шьақәыргылоуп Сергей Багаҧшь Апрезидент иаҳасаб ала иусура нап аркра шықәсык аҵра инақәыршәаны.

 

"Иаҳхысыз ашықәс ҳауаажәлар рҿы аҳәынҭқарра Ахада иалхра аантәи агәаанагарақәа реиқәымшәара дуқәа риааира иашықәсны аҭоурых аҿы иаанхоит. Ажәлар рҟәыҕара, иреиҳаӡоу ахықәкы - ихыҧшым идемократиатәу аҳәынҭқарра аргылара - азыҳәан зхатәы амбициақәа аанзыжьыз ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩцәа рҭакҧхықәра исҳәарц сылнаршоит: ихадароу астратегиатә дҵа - ихацыркыз аиҭакрақәа шьҭахьҟа рхьаҳәра алмыршара - нагӡоуп ҳәа", - - иҳәеит Апрезидент.

 

15.02.2006 Аҧсныпресс

 

 Аҟәа имҩаҧысит Валери Кәарҷиа ишҟәы "Аҧсны аҭоурыхтәии иахьатәии атопонимиа" апрезентациa

 

Аҟәа - Иахьа Аҧснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы имҩаҧысит афилологиатә ҭҵаарақәа рдоктор, апрофессор, Г. А. ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Валери Кәарҷиа ишҟәы "Аҧсны аҭоурыхтәии иахьатәии атопонимиа" апрезентациа.

 

10.02.2006 Аҧсныпресс

 

 Апремиер-министр Анқәаб Аҧсны ажурналистцәа аинтервиу риҭеит

 

Аҟәа - Иахьа апремиер-министр Алеқсандр Анқәаб Аҧсны ажурналистцәа аинтервиу риҭеит.

 

Уи дрылацәажәеит иҳаҩсыз ашықәс азтәи Ареспублика анапхгара русура алҵшәақәа, абиуџьет анагӡара, аекономика аҭагылазаашьа, ацитрустә кампаниа амҩаҧысшьа, акриминогентә ҭагылазаашьа, азакәанхьчаратә органқәа русушьа, Гал араион аҿы аҭагылазаашьа, аинформациа аиоура алыршара, иара убас арепатриациа, аҵара, агәабзиарахьчара рсистемақәа ирыдҳәалоу, егьырҭ иқәыргылаз азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

 

Апремиер-министр иинформациа ала, 2005 ш. абиуџьет 110% рыла инагӡоуп. Уи иазгәеиҭеит ауадаҩрақәа шыҟазгьы, аекономика, аагалыхра, абанкқәа русура реизҳара.

 

03.02.2006  Аҧсныпресс

 

 Александр Анқәаб: "Аҧсны иахьа - ари 1992 ш. зтәи Аҧсны акәӡам. Дарбанзаалакгьы дақәымгәыҕааит уи еибашьрала архынҳәра ауеит ҳәа"

 

Аҟәа - "Аҧсны иахьа - ари 1992 ш. зтәи Аҧсны акәӡам. Дарбанзаалакгьы дақәымгәыҕааит уи еибашьрала архынҳәра ауеит ҳәа," - иҳәеит иахьатәи апресс-конференциаҿы апремиер-министр Александр Анқәаб.

 

"Ҳара иҳамоуп ар, еиҭаҵуа арезервистцәа ркорпус, уи азы шаҳаҭра ҟанаҵоит атәылахьчара аминистрра имҩаҧнагаз аҽазыҟаҵарақәа,"- иациҵеит уи.

 

Анқәаб иаҵишьит Ареспублика анапхгара ар аусқәа уснагь ишрызҿлымҳау, есқьынагьы уи апроблемақәа рыӡбараҿы ишацхраауа.

 

03.02.2006  Аҧсныпресс